28.Мшаҧы.2023

Баграт Хәытаба: Аԥсны Шьамтәыла ганрацәала аус ацура аҿиара аҵак ду аманы иҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аҿы имҩаԥысит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәыла Жәлар Рхеилак Аиҳабы  Хаммуд Саббахи реиԥылара, ҳәа адырра ҟаҵоуп Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Ателеграм-канал аҿы.

Шьамтәыла Апарламент Аиҳабы Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо шьамтәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҿы илагала азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит шьамтәылатәи Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адепутатцәа, аԥсуа-шьамтәылатәи апарламентбжьаратәи аусеицура акомитет алахәылацәа. 

Хаммуд Саббах Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла Анапхгареи рзы иреиӷьу азеиӷьашьарақәа ишьҭит. Уи шьамтәылатәи аган Аԥсни Шьамтәылеи рпаламентқәа рдепутатцәа реибабареи реимадареи рзы агәҭакқәа шыҟоуп азгәеиҭеит.

Баграт Хәытаба Хаммуд Саббах адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иара убас Лаша Ашәба иҟынтәи салам ииҭеит.  

Аиԥылара ашьҭахь Баграт Хәытаба  шьамтәылатәи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа дрыҿцәажәеит. Уи Аԥсни Шьамтәылеи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәеи русеицуреи   100 шықәса инареиҳаны ирҭагӡоуп, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ракәзар,  5-шықәса раԥхьа ишьақәгылеит ҳәа иазгәеиҭеит. Ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны Шьамтәыла ганрацәала аус ацура аҿиара аҵак ду аманы иҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ҳәа иҳәеит.


Read 218 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.