01.Лаҵара.2023

Гәдоуҭа ақалақь аҟны Нестор Лакоба диижьҭеи 130-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит.

Гәдоуҭа. Лаҵарамза 1,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Маи 1 азы Гәдоуҭа ақалақь аҟны Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит.

Аҳәынҭқарреи Гәдоуҭа араиони рнапхгаҩцәа, ауаажәларра, аижәлантәқәа Лакобаа, Аԥсны Акоммунисттә партиа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа Н.А.Лакоба ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс акультура Аҩнаҿы имҩаԥысит Лакоба игәалашәара ахәылԥаз. Уи даҭааит аҳәынҭқарра Ахада.

Акультура Аҩны уахьааҩнало еиҿкаан Лакобеи уи иҭаацәеи ирызкыз афотоцәыргақәҵа.

Ахәылԥаз аартуа, Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иазгәеиҭеит Нестор Лакоба иԥсадгьыли ижәлари аԥхьа иширгылоз.

Ашколхәыҷқәа еиҭарҳәеит Нестор Лакоба иԥсҭазаара, 30-тәи ашықәсқәа раантәи атрагедиатә хҭысқәа, иара убас урҭ Лакоба изкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Ахәылԥаз аҟны идырбан адокументалтә фильм. Уаҟа лгәалашәарақәа ртәы лҳәеит Адиле Аббас-оӷлы. Уи Сариа Лакоба лашьа иԥшәма лакәын.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиа еизаз идлырбеит Сталини Бериеи ррепресиақәа ирылаӡыз ирызку лышәҟәқәа.

Ахәылԥаз аҟны иқәгылеит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахиа, Лыхны ақыҭа абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Валикәа Гобечиа, аижәлантәқәа Лакобаа рхаҭарнакцәа. Урҭ иазгәарҭон ижәлар рҿаԥхьа Нестор Лакоба илшамҭа дуқәа.

Аиубилеитә усмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа.

 


Read 206 times - Аҩаша, 02 Лаҵара 2023 12:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.