Print this page
02.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 4 – 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә коллективқәа рконкурс «Аӡыхь».

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә ансамбльқәа XXV Ареспубликатә конкурс «Аӡыхь – 2023» («Родничок») лаҵарамза 4-5 рзы,  Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.  

Аконкурс абарҭ аноминациақәа рыла имҩаԥысуеит: аԥсуа жәлар рыкәашара, адунеи ажәларқәа рыкәашарақәа;  

Ҳаамҭазтәи акәашара;

Аицыкәашара ;

Ахкытә кәашара.

Алахәылацәа ақәратә гәыԥқәа ҩба рыла еихшоуп: аиҵбыратә гәыԥ – 7 шықәса зхыҵуа инадыркны  12 шықәса зхыҵуа рҟынӡа; аиҳабыратә гәыԥ –13 шықәса зхыҵуа инадыркны 18 шықәса зхыҵуа рҟынӡа.

Аконкурсантцәа абарҭ акритериақәа рыла ахәшьарақәа рыҭахоит: иҳараку анагӡаратә ҟазара; акәашара атема аоригиналтә ҟазшьа аҭаны асценаҿы аарԥшра; акәашара амузыка ацнагӡара, асценатә культуреи акостиуми.

Аиааира зго зегьы агәалашәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит. Аиааира згаз зегьы I, II, III аҩаӡара адипломқәа рыҭахоит, егьырҭ иҷыдоу агәаларшәаратә аршаҳаҭгақәа рыҭахоит.

Аԥсны ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә коллективқәа рреспубликатә конкурс  амилаҭтә хореографиа анаҩстәи аҿиареи иреиӷьу атрадициақәа реиҭашьақәыргылареи хықәкыс иамоуп.

Аконкурстә мшы апрограмма иалагалоуп иара убас Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынцариа еиқәиршәаз, «Аԥсуаа рыкәашаратә музака» ҳәа изышьҭоу анотатә еизга аӡыргарагьы.  

Аконкурс алагоит лаҵарамза 4 – 5, асааҭ 13:00 рзы. Агала-концерт алагара аамҭа -  асааҭ 18:00 рзы.


Read 178 times