04.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниеи Одес Басултанови аспорт аусхкы аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминералтә ӡқәа рыҟны I Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа зхы алазырхәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа лаҵарамза 3 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанов диԥылеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла,  Аслан Бжьаниеи Одес Баисултанови аспорт аусхк ала аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҷыдала, Аԥсны ашьапылампыл асразы аспорт аҿиара азҵаарақәа жәпакы.

 


Read 230 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.