18.Лаҵара.2023

Даур Ақаҩба аԥснытәи амузеиқәа русзуҩцәа Жәларбжьаратәи амузеиқәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба аԥснытәи амузеиқәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа –Жәларбжьаратәи амузеиқәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аминистр амузеиқәа русзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәархара иазкны ламысцқьала, гәык-ԥсыкала инарыгӡо рмаҵуратә уалԥшьа азы.

«Аԥсны аҭоурых аҿы иҟоуп имаҷымкәа иуадаҩу , уимоу итрагедиатәу апериодқәа. Изныкымкәа ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылахьан. Шәара иҳаҩсыз аамҭа зырҵабырго аматериалқәа реиқәырхара иазкны хамеигӡарак ҟамҵакәа инашәыгӡо шәусура иабзоураны, арҭ аҭоурых адаҟьақәа наунагӡа хашҭра рымамкәа иаанхоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Даур Ақаҩба амузеиқәа русзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ашықәнҵыра ду, иара убас Аԥсны аҭоурыхтә ҭынха аҭҵаареи апопулиаризациеи ирыдҳәаланы иҿыцу арҿиаратә гәҭакқәа рынагӡара. 


Read 202 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.