18.Лаҵара.2023

Аԥсны Ауаажәларратә Палата аԥсытәбара ацны амҩатә машәырқәа лассы-лассы рыҟалара инамаданы агәҭчымра аанарԥшуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аужәларратә Палата алахәылацәа даара ргәы иалоуп ҳтәылаҿы амҩатә машәырқәа ахьырацәахаз. Аҵыхәтәантәи аамҭазы абас машәырла зыԥҭазаара ҿахҵәаз рхыԥхьаӡара шьардагәышьоуп.

“Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, мышқәак раԥхьа зегьы ҳгәы ҿнакааит хәҩыуаак аҿарацәа рыԥсра иҳаҳаз. Амҩаду аҿы ақәрахьымӡакәа машәырла рҭахара ахьаа ду зызнамырҵысыз дыҟамзар ҟалап. Аибашьра аантәи ҳцәыӡқәа иахьа уажәраанӡа иаҳныԥшуа ҳаныҟоу, аӡәыцыԥхьаӡа иҭахара – рыцҳара дууп ҳажәлар рзы. Ишәымбои ҳмаҷра иахҟьо ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи уажәыгьы ҳашрылымҵыц.

Ауаа абас инеиқәырццакны  машәырла рҭахара аанкыламзар ауӡом, ари азҵаара аӡбараҿы ҳазегь аӡәк еиԥш ҳаидгылазароуп, дасу ҳхы ҳацклаԥшыроуп амашьына ҳанақәтәоу: аԥҟарақәа шеилагатәым, ижәны амашьына аԥсҟы акра шыҟамло, аласцәара иахҟьаны ухгьы шушьуа, шьукы рыԥсы унапаҿы ишыҟало еилаҳкаароуп. Абас ала ахеизхәыцра ааҳмырԥшыр ада ԥсыхәа ҳамам, ҳхәыҷқәа анҵәара иаҿуп. Ҳабжьы заҳауа зегьы ҳшәыҳәоит, ҳаибачҳап, ҳрыцҳаибашьап, иҟалозар. Зхы зҭахымкәа аӡәы амҩаду данылозаргьы, иԥсадгьыл дшаҭаху идыруазааит. Ҳаибарӷәӷәароуп ҳанбзиахо! Абзиара еибаҳҳәалааит.   


Read 205 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.