26.Лаҵара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АПАССАЏЬЫРЦӘА РЫИАГАРЕИ АМАШЬЫНА ЛАСҚӘА РЫЛА АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АХЫСРЕИ ИРЫДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РЗЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апассаџьырцәа рыиагареи амашьына ласқәа рыла Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысреи ирызку аусуратә еилатәара  мҩаԥигеит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аҿы.  

Ҳазҭоу ашықәса лаҵарамза инаркны Аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Адлер-автомҩатә» аҿы урыстәылатәи аҳазылхырҭа аԥснытәи автомашьынарныҟәцаҩцәа рахь, аиуристтә хаҿқәагьы уахь иналаҵаны, апассаџьырцәеи аидарақәеи рыиагара инамаданы иназыцҵоу адҵақәа ықәдыргыло иалагеит. 

Аилатәара аҿы аҿыц лагалақәа иаҵанамкуа автомашьынарныҟәцаҩцәа ркатегориақәа ирылацәажәеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ицәырҵыз азҵаара аҭышәынтәалара азы Урыстәыла Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзуреи атранспорт Аминистрреи рақәыршаҳаҭра азы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа рзы адырра ҟалҵеит.

Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара жәларбжьаратәи аиагарақәа иашьашәалоу анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра рыла иахьҳәаақәҵахо, насгьы иҿыцу алагалақәа жәларбжьаратәи аиагара мҩаԥызго аҳәаа ианахысуа ауадаҩрақәа ахьрызцәырнаго инамаданы, атәыла аԥыза-министр  аамҭа кьаҿ иалагӡаны урыстәылатәи аган азинмчы змоу аусбарҭақәа рҿы аилацәажәарақәеи аконсультациақәеи рымҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилкы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак   Константин Козлов.


Read 1673 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.