06.Ԥхынгәы.2023

2025 шықәсазы Цандрыԥшь аҳаблаҿы иаатуеит аԥсуа школ.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәсазы Цандрыԥшь ақыҭан иаатуеит аԥсуа школ. Ауаажәларратә Палата аҿы абарҭ асааҭқәа рзы имҩаԥысуа аиԥылара аҿы  абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  Ауаажәларратә Палата алахәыла Изольда Ҳагба ахәыҷқәа аԥсуа школ ахьыҟам инамаданы аурыс школ ахь иахьныҟәо  Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсуа школ аартра залыршахома ҳәа иҟалҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:

«Аԥсуа школ хымԥада иргылахоит. Анаҩстәи апроцесс, ахәыҷқәа аԥсуа школ ахь аҟаҵара ауп хадара злоу». 

Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсуа школ ыҟаӡамызт ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ари азҵаара уажәаԥхьагьы, ахәҭакахьала 2010 шықәсазы иқәдыргылахьан.  2021 шықәса инаркны ҳара азҵаара аӡбара ҳаҿуп. Ԥыхьатәи ақырҭуа школ ахыбра ыҟоуп. 6 шықәса раԥхьа ари ахыбра аусдкылаҩцәа қьырала ирыҭан. Уажәы ҳара ақьыратә еиқәшаҳаҭра азинмчы аанаҳкылеит. Ашкол аҳабла Ахадара абаланс аҿы иқәгылоуп. Ашкол ахыбра хыб ҿыц ақәырҵеит дара аусдкылаҩцәа. Ашықәс хыркәшахаанӡа аԥенџьыр ҿыцқәа аҿаҳҵоит. Араион абиуџьет аҟынтәи ашкол азы сынтәа иазоужьхоит 15 млн. мааҭ»,- ҳәа иҳәеит  Иури Ҳагәышь.  

Апроект-харџьынҵатә документациа цәыббрамзазы ирхиахоит.

Ашкол 500-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рыдкылара алшоит.

Иахьатәи амш азы аҳаблаҿы аҵара зҵо рхыԥхьаӡара 179-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә  79 –ҩык аурыс  сектор аҿы аҵара рҵоит, 100 – ҩык  – аԥсуа сектор аҿы.  

 

 


Read 196 times - Аԥшьаша, 06 Ԥхынгәы 2023 20:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.