06.Ԥхынгәы.2023

Иракли Ҭыжәбеи Михаил Галузини имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи адискуссиақәа рраунд азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 6 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.  

«Аиԥылараҿы 2023 шықәса ԥхынгәымза 11-12 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу  58-тәи араунд амшхәаԥштә актуалра злоу азҵаарақәа рыла агәаанагарақәа еибырҳәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ганкахьала Қырҭтәылеи даҽа ганкахьала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амчра ахархәара мап ацәкра азы аиуристтә ҭакԥхықәра зырҿио аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азҵаара. Иара убас аиҿцәажәараҿы егьырҭ, актуалра злоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Иара убас аганқәа аҩганк рзы аинтерес зҵоу ахырхарҭақәак рыла аԥсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәакгьы ирылацәажәеит. 

 

 


Read 222 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 01:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.