07.Ԥхынгәы.2023

2023 шықәса актәи ашықәсбжа азы Аԥсны анҭыҵтәи ахәаахәҭра амҽхак 21,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы 2023 шықәса актәи ашықәсбжа азы инанагӡаз аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Убас, аҳазылхратә статистикеи анализи рзы Аусбарҭа астатистикатә дыррақәа рыла, аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аплантә рбагақәа 115% рыла инагӡахеит.

Актәи ашықәсбжа аихшьаалақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵтәи ахәаахәҭра амҽхак иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 19 % рыла иазҳаит, уи 21,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.  

Адәныҟатәи аоперациақәа рымҽхак 17,7 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ареспублика аимпорт актәи ашықәсбжа азы 19,6% рыла иазҳаит. Ахәҭакахьала, аимпорт аизҳара мҩаԥысит абарҭ аусхкқәа рҿы: амашьынақәеи аиқәыршәагақәеи амаҭәахәқәеи, зыхә дуу аметалли урҭ ирылху аалыҵқәеи, иара убас афатә аалыҵқәеи.

Аимпорт аизҳара абарҭ атауарқәа рыла иубаратәы иҟоуп:

Акәаци ахшхарҵәи раалыҵқәа – 173 млн. мааҭ рыла;

Адгьыл иқәныҟәо атранспорттә хархәагақәа – 568 млн. мааҭ рыла; афымцатехникатә еиқәыршәагақәа –1 млрд. 44 млн. мааҭ рыла;

Аҩнымаҭәа – 156 млн. мааҭ рыла.

Актәи ашықәсбжа азы анефтьаалыҵқәеи ахәшәқәеи, иара убас аҭаҭын аалыҵқәеи ауҭраҭыхқәеи ашәыри аиувелиртә лыхқәеи раагара амҽхак еиҳа имаҷхеит.  

Аекспорт 3,4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар,  352 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар 11,7% рыла еиҳауп.

Аекспорт атауартә структура аҿы ихадоу аҭыԥ уаанӡа еиԥш уажәгьы иааннакылоит иџьбароу арыжәтә аалыҵқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи.  Иарбоу атауарқәа рыла ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы анатуралтә рбагақәа реиԥш аекспорт ахәԥсатә амҽхакқәагьы реизҳара шыҟоу умбар залшаӡом.  

Ақыҭанхамҩатә тауарқәа раагара амҽхак ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы 758 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар -  283 млн. мааҭ рыла еиҳауп.  

Експортла идәықәҵоу иџьбароу арыжәтә аалыҵ, аиҳарак ала ауадкеи аҩи рыхкқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  1 млрд 948 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, иарбоу арбага  1 млрд. 307 млн. мааҭ рыла иазҳаит.  

Иара убас аекспорт аструктура аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит аԥсыӡтә аалыҵ. Уи аагара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, 2023 шықәса актәи азыбжазы иагхеит. Аԥсыӡшша експортла идәықәҵан 472 тонна рҟынӡа.  Уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 4 948 тонна рыла еиҵоуп. Аԥсыӡшыла ала аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Уи атәыла иалганы агара амҽхак  1 252 тонна рҟынӡа инаӡеит, убри аан иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ареспублика аҟынтәи експортла идәықәҵан 9 500 тонна рҟынӡа иарбоу аалыҵ.  

 

 


Read 370 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 16:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.