07.Ԥхынгәы.2023

Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥхынгәымза 1, 2023 шықәсазы амшын аҟәара аҿы ирыԥшааз ауаҩы иԥсыбаҩ ахаҭара шьақәнаргылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура ԥхынгәымза 1 азы Алашарбага аҳаблахь аихаҵәирҭа азааигәара ақалақьтә плиаж аҿы  ахаҵа иԥсыбаҩ аԥшаара инамаданы апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгараан  уи ихаҭара шьақәнаргылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит аҟны.

Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса рзы, зыԥсыбаҩ ԥшааз ахаҵа иуацәа алархәны имҩаԥгаз аилкаарала ихаҭара шьақәыргылахеит. Уи Аҟәа араион Ешыра ақыҭан инхоз, 1946 шықәсазы ииз Даваџьиан Арам Леон-иԥа иоуп, иара абҵарамза  27, 2022 шықәсазы  хабарда дыбжьаӡит.

Иарбоу афакт ала апроцессуалтә гәаҭара иацҵоуп, Даваџьиан Арам иԥсыбаҩ апроцессуалтә усмҩаԥгатәқәа рхыркәшара ашьҭахь анаҩс анышә амадара азы иҭаацәа ирыҭахоит.  

Мчымхаралатәи аԥсра арбагақәа аԥсыбаҩ иадбалаӡам. 


Read 379 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 19:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.