10.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниа Гагра араион Ахадараҿы аоперативтә еилатәара мҩаԥигоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан  Бжьаниа ԥхынгәымза  8 ауха инаркны ԥхынгәымза – 9-нӡа  иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Администрациаҟны аилацәажәара мҩаԥигоит.

Араион Ахада Иури Хагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Иури Хагәышь излаиҳәо ала, Гагра араион иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуыз  ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак.

Инықәырԥшны еилкаахеит, Лӡаа ақыҭан аԥхасҭа шроуыз 300-ҩны инарзынаԥшуа, иара убас ацҳақәа ҩба. Алаҳаӡы 250 ҩны аӡы ҩналеит, Ԥсахара ақыҭан - 200 ҩны. Бзыԥҭа аҳаблан аԥхасҭа ӷәӷәа роуит Аҭыӡҭа аҳабла маҷ аҟны 100 нхарҭа ҩны, Гагра ақалақь аҟны 200-ҩны рҟынӡа. Араион аҟны амшцәгьа иахҟьаны иара убас аԥхасҭа роуит асоциалтә инфраструктура аусбарҭақәа.

2 цыра иҷыдоу атехника, 200-ҩык ауаа алархәуп.

Ареспубликатә мҩаду еиҭашьақәыргылоуп, Амҩа рҽеиратә усбарҭа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥнагоит. Амҩақәа ррыцқьарақәа мҩаԥысуеит Гагра ақалақь аҟны. Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥ аҳаблаҟны амҩақәа ррыцқьара анаҩс, ахатәы ҩынқәа рҟынтә аӡқәа ҩныргоит.

Раԥхьа иргыланы иазгәаҭоуп амҩақәа ррыцқьара, анаҩс аҩнқәа, иара убас аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа ахә ашьара.

Аилацәажәара иалахуп аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Иҷыдоу аҭагылазаашьа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Ахада Иабжьгаҩ Адгәыр Ашәба, АУН "Аԥснытәи аихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа, араионтә фымцастанциақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, уҳәа егьырҭ амаҵзурақәа.

Аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь Аслан Бжьаниа аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны еиҳа аԥхасҭа ахьдуу аҭыԥқәа дырҭаауеит.

 

 


Read 180 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 11:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.