Print this page
10.Ԥхынгәы.2023

Аҟәа ақалақь аҿы апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы аппаратқәа цәырҵит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» аекологиатә проект «Адунеи агәам-сам аҟынтәи еиқәҳархап» ( «Don't litter it makes the world bitter», «Спасем мир от мусора») аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәнаргылеит апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы смарт-аппаратқәа ҩба. Урҭ апластик иалху аԥатлыка ҭаужьцыԥхьаӡа ԥсаатәк азы азынчара ахәы аарышьҭуеит. Аппаратқәа руак Аҳабла Ҿыц аҿы идыргылеит, егьи Алашарбага Аҳабла Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа  аекологиа Аинститут иахьаҵанакуа ишьақәыргылоуп.

Убас ала ауаажәларратә активистцәа хылаԥшрада иаанхаз аԥстәқәа ррыцҳашьареи ацхыраара рыҭареи агәамсам-еиҟәыҭханы аизгареи ацрыҵқәа аус рыдулареи иадҳәалоу атрадициа шьахә ашьақәыргылара шалыршахо азы агәыӷра шрымоу аадырԥшуеит.

Еизгахо апластик анаҩстәи аус адуларазы аилазаара «Еко Аԥсны» иатәу аҩынтәтәи аӡа адкылара апункт ахь идәықәҵахоит.  

Апроект «Адунеи агәам-сам аҟынтәи еиқәҳархап» Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿиара Апрограммеи жәларбжьаратәи аҿиаразы Шведттәи Агентреи адгылара зырҭо апроект «Ауааԥсыра аклиматтә шәарҭарақәа рҿагыларалшара аҩаӡара ашьҭыхра» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.


Read 184 times - Ашәахьа, 10 Ԥхынгәы 2023 22:56