10.Жьҭаара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы аҳазылхратә усбарҭақәа рзинхьчаратә усеицура азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә усбарҭақәа рзинхьчаратә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи аусуратә гәыԥ аилатәара ашәахьа, жьҭаарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба, урыстәылатәи – Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Губаидулин.

Аганқәа аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Урҭ иреиуоуп:

– Аԥсни Урыстәылеи рҳазылхратә маҵзурақәа аҳәынҭқарратә ҳазылхратә  ҳәаа ала аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа аиагара аԥхьырҟәҟәаара аганахьала русеицура;

– анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәеи иџьбароу амаҭәашьарқәеи урҭ злыҵуа аӡеи ркәантрабат аԥхьырҟәҟәаара аганахьала аусеицура;

 – акриптоваиута арҳара иазку аиқәыршәагақәа аҳазылхратә ҳәаа ахгараан аҳазылхратә зинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡара.

Аганқәа аҩ-тәылак рҳазылхратә усбарҭақәа рзинхьчаратә ҟәшеиҵақәа рыбжьара аусеицура аҩаӡара шыҳараку азгәарҭеит, иара убас иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иазкны аӡбамҭақәа рыдыркылеит.


Read 207 times - Аҩаша, 10 Жьҭаара 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.