17.Жьҭаара.2023

Дмитри Гочуа аҭира хықәкыс амамкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы дыгәҩароуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҭира хықәкыс амамкәа зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы дыгәҩароуп Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан инхо, 1978 шықәсазы ииз Гочуа Дмитри Ақсенти- иԥа.

Дмитри Гочуа игәаҭараан идырбалеит аххыраԥшра змоу, зыкапан 1,5 грамм рҟынӡа инаӡо, зыԥшшәы шкәакәоу амаҭәашьар – метадон ҳәа изышьҭоу анаркотикатә хархәага.

Дмитри Гочуа иганахьала Аԥсны аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223, ахәҭа 2 инақәыршәаны аусеилыргара хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәшеиҵа.

Дмитри Гочуа аҩнытә баандаҩтәра изалхуп. 

 

 

 


Read 145 times - Ахаша, 18 Жьҭаара 2023 13:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.