17.Жьҭаара.2023

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа аҳҭнықалақь Ахадара азыҳәара ала Аҟәа ақалақь аӡбамҭа азыӡба ԥсахрада иааннажьит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы  административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Ахашшааратә коллегиа аилатәара мҩаԥысит. Аилатәара Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза  29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡба аганахьала иҟаиҵаз ахашшааратә зыҳәамҭа  ахәаԥшра иазкын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иреҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.

Аус ахәаԥшра ашьҭахь, Ҭарба О.Р.(ахантәаҩы), аӡбаҩцәа: Адлеиба Е.А. , Цәышба М.С. ( Цәышба М.С иҷыдоу игәаанагара ҳасаб азурала) рыла зеилазаара шьақәгылаз Аазашшааратә  коллегиа актәи аинстанциа аӡбарҭа азыӡба ԥсахрада иаанажьит. Убас ала, Аҟәа ақалақь Ахадара азыҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит, Аҟәа ақалақьтә Еизара Аҟәа ақалақь аплан Хада ашьақәырӷәӷара ҟалаанӡа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа акапиталтә ргыларақәа рзы азин аҭара аамҭала аанкыларазы абҵарамза 12, 2009 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа № 127 (370) азинмчы амаӡам ҳәа иԥхьаӡахеит.  

Рашәарамза 29 рзы Аҟәа ақалақь аӡбарҭа Аҟәа ақалақьтә Еизара абҵарамза  12, 2009 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭақәа №126, 127 азинмчы рымаӡам ҳәа аԥхьаӡаразы аӡбамҭа аднакылеит.   

Ақалақьтә Еизара аӡбамҭа №126 аидарақәа рыдкылара иазку амшынтә баӷәаза инаркны амшын аԥшаҳәа ала Басла аӡиас аҟынӡа, амшын аҟынтәи Имам Шамиль имҩеи Аҭынчра апропекти Лакоба имҩадууи рҟынӡа акапиталтә ргыларақәа рзы азин аҭара аамҭала аанкылара иадҳәалоуп.

Аӡбамҭа №127 иарбоу атерриториа аҿы иргылахо ахыбрақәа раҳаракыра 16 метра  раасҭа аиҳамхара азы аԥҟара шьақәнарӷәӷәоит.  


Read 136 times - Ахаша, 18 Жьҭаара 2023 14:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.