19.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа ҩ-сааҭк инареиҳаны ажурналистцәа дрыҿцәажәон.

Аҟәа.. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы еиҿкааз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.  

Аҳәынҭқарра Ахада, аобиективтә ҭагылазаашьақәа  ирыдҳәаланы, акыр игәылҭәаау аусуратә график иахҟьаны, уажәаԥхьа ажурналистцәа рԥылара залмыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Уи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа ажәа риҭеит аринахыс иареи дареи реиԥыларақәа еиҳа лассы-лассы ишымҩаԥгахало.  

Аслан Бжьаниа ааигәа имҩаԥысыз  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини  иареи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи  реиԥыларақәа  аихшьаалақәа, атәылахьчаралшара, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра, Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара, аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәарақәеи ацхыраара рыҭара, апарт-отельқәа рыргылареи урҭ рзинтә шьаҭеи, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура, ауааԥсыра афымцамч ала реиқәыршәара, Аԥсны Аидгыларатә ҳәынҭқарра алалара аперспективақәа, аинвестициатә программа, аихамҩатә транзин, уҳәа  ирыдҳәалоу ажурналистцәа рызҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит. 

 

 


Read 152 times - Ахәаша, 20 Жьҭаара 2023 10:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.