Лара лыкәашара – ҳамҭоуп! Маиа Гьерзмааҧҳа: «Асцена – уи даҽа планетак ауп, зынӡа аҽа дунеиуп. Убри азакәхап изырҳәо ауаҩы асценаҿы данықәгылоу дажәӡом ҳәа, избанзар уа иихиго аамҭа иқәрахь иацлаӡом, уа даҽа ҧхьаӡарак цоит». Иҭынчраз акаҳуажәырҭаҿы сгәы хыҭ-хыҭуа сазыҧшын лара лааира. Ганкахьала саргәырӷьон ауаа ахьырацәамыз, амузыка абыжьгьы ахьмаҷыз, избанзар урҭқәа ҳаицәажәара дырманшәалон, аха егьи аганахьала – сгәы абжьы саҳауа аҟынӡа снеит, уи…