Версия для печати
сегодня

Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан псковтәи ашколхәыҷқәа Аԥсныҟа аҭоурыхтә лагерь ахь иаауеит.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан псковтәи ашколхәыҷқәа Аԥсныҟа аҭоурыхтә лагерь ахь иаауеит, ҳәа Псковтәи аобласти Аԥсни русеицура азы инарҭбаау аилатәараҿы дықәгыло иазгәалҭеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Абри азы адырра ҟанаҵоит Псковтәи аинформациатә Агентра.

Аилатәара мҩаԥысуан Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерникови Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи алархәны.

Хана Гәынба ԥсковтәии аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыбжьара хра злоу аимадара ашьаҭа шьақәгылахьеит ҳәа иазгәалҭеит.

«Актәи амодуль аекологиатә ҟазшьа амазҭгьы, анаҩс ҳара Аԥсны иахьаҵанакуа аԥхынтәи ашколтә лагерь аусура аҳәаақәа ирҭагӡаы аҭоурыхтә модель алагалара ҳалшоит. Ҳара иҳамоуп ишәызнаҳгаша, ҳара иаҳзеиԥшу аҭоурых ду ҳамоуп: 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭоурых,  1992–1993 шш. аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан хатәгәаԥхарала ацхыраара аҭоурых, Иҷыдоу арратә операциа аҳәаақәа ирҭагӡоу ҳаамҭазтәи аҭоурых, уҳәа. Ҳара ҳҿар ирзеиҭаҳҳәаша рацәаны иҳамоуп», – ҳәа иазгәалҭеит Хана Гәынба.

Уи лажәақәа рыла, аԥснытәи ашколхәыҷқәа ажьырныҳәамзазы ашықәсҿыцтәи аԥсшьарамшқәа рзы  Псков ацаразы уажәанатә «амаҭәа ԥхақәа» реиқәыршәара иалагахьеит.

«Аԥхынра акәзар, аҭоурыхтә лагерь аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара псковаа ҳарзыԥшуп Аԥсны», - ҳәа ааԥхьара рылҭеит аминистр.  


Прочитано 82 раз