Атәанчахәқәа рызшәара атәанчаҩы ашәҟәы дахьҭагалоуи фактла дахьынхоуи аҭыԥ иадҳәаламкәа Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк аҟәшақәа зегьы рҿы имҩаԥыслоит.
Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк абҵарамза, 2022 шықәсазы Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ауааԥсыра урыстәылатәи атәанчахәқәа рызшәаразы аграфик шьақәнарӷәӷәеит. Ианиз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа х-гәыԥкны еихшоуп. Атәанчаҩқәа ршәара иалагоит абҵарамза 16 инаркны.
Атәанчахәқәа рызшәара атәанчаҩы ашәҟәы дахьҭагалоуи фактла дахьынхоуи аҭыԥ иадҳәаламкәа Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк аҟәшақәа зегьы рҿы имҩаԥыслоит.