Версия для печати
10-ноября-2022

АСЛАН БЖЬАНИА: АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА, АЗАКӘАНРЕИ АЗИНЛЕИШӘЕИ РЫХЬЧАРА ИАЗКУ ХАДАРА ЗЛОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ИНСИТУТНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа – амилициа Амш рыдиныҳәалеит.

«Амилициа Амш – ари зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыли зыуаажәлари азакәани рыхьчара иазызкыз ауаа рныҳәа ауп.  Аԥсны амилициа аҭоурых абар шьҭа шәышықәса ирхысит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рыжәлари Рыԥсадгьыли рыхьчара аус гәыкала ишазнеиуа изныкымкәа ишьақәдырӷәӷәахьан. Абџьар кны ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рыхьчон, ҳауаажәлар рҭыч бзазара алыршара азы ацәгьоура иаҿагыланы иқәԥон.

Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, уи аҟәшеиҵақәеи аструктурақәеи, азакәанреи азинлеишәеи рыхьчара иазку хадара злоу аҳәынҭқарратә институтны иҟоуп. Акриминал, акоррупциа аҿагылара, ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи, иара убас рмазареи рыхьчареи ҳаԥсҭазаара аусхкқәа зегьы рҿы азакәан аԥыжәара ашьақәырӷәӷәареи рганахьала  шәара инашәыгӡо аусура арбагақәа зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуеит шәзанаааҭдырра аҩаӡара ҳаракы. Аҳәара ҟасҵоит аринахысгьы ареспубликеи уи ауааԥсыреи ринтересқәа рыхьчара иазку аусура хьаҳәхьачарада инашәыгӡаларц. Аҳәынҭқарраҿы шәара шәмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иаашәырԥшуа ахамеигӡара акар аҳаҭыр рзақәуп, аха акырӡагьы аҵанакуеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русура ҳаамҭазтәи ахыдҵақәеи аҭаххрақәеи ирықәшәо аҟаҵара.  

Иахьа Аԥсны аизҳазыӷьара иаҿу ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра аргылара иазку имариам амҩа иануп. Ауаажәларрагьы дарбанызаалак иԥсҭазаара иадҳәалоу хра злоу аиҭакрақәа рыҟалара иазыԥшуп. Амилициа ахьӡ-аԥшеи апрофессионализми рыҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәиуп, ҳауаажәларгьы  аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рахь ирымоу агәрагарагьы рӷәӷәалатәуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аизҳазыӷьара, иара убас Аԥсадгьыл ахьчара иазкны рнапы злаку хра злоу аус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.


Прочитано 955 раз Последнее изменение 13.11.2022