Версия для печати
10-ноября-2022

АСЛАН БЖЬАНИА: «ҲАСТРАТЕГИАТӘ ПАРТНИОР ИДГЫЛАРАЛА ҲАРА ҲТӘЫЛЕИ ҲАУААЖӘЛАРИ РШӘАРҬАДАРА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЛҲАРШОИТ».

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 20 инарзынаԥшуа азҵаара ирҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаҵо данықәгыла ашьҭахь.

Аҳәынҭқарра Ахада иахь азҵаарақәа аелектронтә ԥошьҭа ала иаашьҭын, иара убас иаартны аконференц – зал аҿы ирҭозгьы ыҟан.

Атәылахьчара иазкны

Арратә шәарҭадара аиқәыршәара азҵаара есымша Аҳәынҭқарра Ахада дзызҿлымҳау зҵаараны иҟоуп.  Ишәеилсыркаарц сҭахын, ҳара амобилизациатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәеи аусмҩаԥгатәқәеи зегьы шынаҳагӡо: аиҿкаара-штаттә ҟазшьа змоу аиҭакрақәа рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи урҭ рынагӡареи алыршоуп; иҳамоу алшарақәа рыла иарбоу ахықәкқәа рынагӡара азы афинанстә ресурсқәа маҷымкәа иҳаԥшааит;  иҷыдоу абџьар аахәара алыршоуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳастратегиатә партниор идгыларала ҳара ҳтәылеи ҳауаажәлари ршәарҭадара ашьақәыргылара алҳаршоит.

Ҳара арратә ааԥхьара аганахьала ауадаҩрақәак ҳамоуп, аха уи ауааԥсыра рыбжьара аусура иадҳәалоуп, ауаааԥсыра ари ҳара ҳактив шаку инамаданы, урҭ ҳацхраауазар ауп. Ҳара апроблемақәа ҳамаӡам, зегьы шьахәлаҵәҟьа еиқәыршәоуп ҳәа иаҳҳәаӡом. Иҟоуп хырԥашьа замам ахыдҵақәа,  ҳара урҭ рыӡбара иазкны аусура ҳазхиоуп. Урыстәылагьы убасҵәҟьа иахәҭоу ацхыраара зегьы ҳанаҭоит.

Аенергетикатә шәарҭадара азы

Аенергетикатә усхкы аҟны иҟоу ауадаҩрақәа иахьа ицәырымҵӡеит, урҭ уажәаԥхьагьы иҟан, асистематә ҟазшьа змоу акакәны иҟоуп.  Ҳара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, аха макьаназы иааубаратәы аиҭакрақәа зыҟмлацт. Зегьы акоуп изынҟьо:  аенергетика аҿиара иалагалатәуп жәабала амиллиардқәа.

Шәара зегьы игәашәҭахьазар ҟалап, аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә еилазаара анапхгаҩыцәа зегьы еицҿакны ирҳәоз асистема ақәсра  80% рҟынӡа инаӡоит ҳәа акәын. Убри аан ишакәхалакгьы аԥарақәа ԥшааны ана-ара аамҭала акәзаргьы, аиԥҟьарақәа рырҽеира алыршахоит, ус ада уаҳа алшара ыҟам иахьатәи амш азы, ауаа зынӡа лашарада иаанымхарц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ари аус аҿгьы ҳара Урыстәылантәи ацхыраара ҳақәгәыӷуеит.  

Сара угәра ганы сҟоуп уаантәи ацхыраара шҳауо ала.

Ҳара иарбоу аусхкы аԥаратә хархәагақәа ралагаларазы шьаҭанкылатәи аӡбамҭақәа ҳадаҳкылароуп. Урҭ зназы иԥшаатәуп. Акредиттә, имариоу аԥарақәа ыҟаӡам, уи иаанаго иабантәи ааҳго урҭ аԥарақәа ҳәа ахәыцра аҭахуп – аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәыларала, мамзаргьы даҽа шьаҭак ала аку иӡбатәуп.  Ишыҟазаалакгьы, ҳара жәаҳәарада ари азҵаараҿы аҳәынҭқарра хадара злоу, ахылаԥшратә роль  шынанагӡац инанагӡо иаанхартә еиԥш иҟаҳҵоит.

Афымцалашара аҿыхрақәа макьаназы иҟалалоит. Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Афымцамч аҿыхра ҳара аграфик инақәыршәаны аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Еилагарақәак аҭыԥ роур, усҟан азхьаԥшра, насгьы  иахәҭоу аусбарҭақәақәа рахь асра аҭахуп.  Ҳара уи азы ҷыдала иазоужьхо аҭелтә цәаҳәа ҳауеит.

Аенергетикатә усхкы аҿы ауадаҩрақәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ирызцәырҵхьан егьырҭ ҳааигәа-сигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәагьы. Ермантәылеи Қырҭтәылеи ауаа зынӡа лашарада итәан, рыҩнқәа амҿтәы ԥечкақәа ргыланы идырԥхон, анаҩс урҭ ареформақәа мҩаԥыргеит, аенергетикатә усхкы иахәҭоу аинвестициақәа ралагалара алдыршеит.  Ииашоуп, алашара ахәԥса еиҳахеит, аха алашара ауаа рыҩнқәа рҿы иҟоуп. Еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара  - ари азҵаара уаҟа аӡбара алыршахеит.

Жәаҳәарада, шьаҿа-шьаҿала атарифқәа рышьҭыхра хымԥадатәны иҟоуп. Ҳара еилаҳкаауеит, уи ҳауаажәлар иуадаҩу еидараны ишырзыҟало. Аамҭак ала ҳара етап-етапла ауалафахәы ашьҭыхра алҳаршоит.

Ауааԥсыра рхы иадырхәаз афымцамч азы акыр идуу ауал рықәхеит. Ауааԥсыра рыхәҭак афымцамч ахәԥса ршәоит, аха аиҳараҩык уи ршәаӡом. Ари апроблемагьы иуадаҩу усны ҳаԥхьа ишьҭоуп.

Ҳара афымцаԥхьаӡагақәа шьақәҳаргылоит, иазгәаҭатәуп, уи ахьалыршаз аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа аиӷьхара иалагеит, ашәатәқә реизгара иацлеит.

Ааи, ҳара иахьа апроблемақәа маҷымкәа иҳамоуп, аха ҳуааԥсыра зынӡа лашарада иаанхаӡом. Афымцамч аҿыхра графикла имҩаԥыслоит, уи заанаҵы ирылаҳәахоит.

Арҵаҩцәа афымцамч азы ахәԥса ашәараан азинҷыда роура атәы.

Арҵаҩцәа, мамзаргьы егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа ауаа азинҷыда рыҭара азы иарбоу азинҷыда ахарҭәаара азы аԥара ыҟазароуп. Ус еиԥш алшара ыҟаӡам. Иахьа аҳәынҭқарра «Амшынеиқәафымцамч» аҿаԥхьа иақәу ауал 400 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҳәынҭқарра Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿаԥхьа иақәу 2 млрд. мааҭ   ауал аҟынтәи 400 млн. мааҭ – ари азинҷыда змоу рзы ҳара иаҳшәараны иҟоз аԥарақәа роуп.

Аибашьрашьҭахьтәи 29 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны абиуџьеҭ ала аплантә рбагақәа нагӡахеит иҳаҩсыз ашықәс азы.  Аԥаратә хархәагақәа рӷьырак акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара, аԥсабаратә цәырҵрақәа рыхҟьаԥҟьақәа рырҽеира ахь идәықәҵахеит. Ҳара аплан ахыхь миллиард ҳарҳаит, апроблемақәа рыӡбара акәзар иҳазтәоит шә-миллиардк. Ҳара арҭ азҵаарақәа зегьы шьаҿа-шьаҿала, иналак-аалакны иҳаӡбоит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас агазификациа, анефть аҵхара, атәанчахәқәа ршәара, аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи ацхыраара рыҭара, азинхьчаратә усбарҭақәа русура, ақыҭатә школқәа, Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенко Аԥсныҟа иаара, Аԥсны анҭыҵ аҽыхәышәтәра, атәыла анапхгареи аоппозициеи реизыҟазаашьақәа, аконституциатә реформақәа, уҳәа убас ирацәаны атемақәа ирыдҳәалоу хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа ирҭеит.


Прочитано 1290 раз Последнее изменение 13.11.2022