Версия для печати
05-декабря-2022

ЖӘАБРАНМЗА 6 РЗЫ АԤСНЫ АСАХЬАҬЫХЫҨЦӘА РЕИДГЫЛА АЦӘЫРГЫҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ «АШЫҚӘС АЗЫ ИРЕИӶЬУ АУСУМҬА» ҲӘА АЦӘЫРГАҚӘҴА ААТУЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны жәабранмза 6 , асааҭ 13:00 рзы ацәыргақәҵа «Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа» ҳәа ацәыргақәҵа  аартра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысуеит. Иара убри аҽныҵәҟьа аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥгахоит.

2001 шықәса раахыс есышықәса еиҿкаахо аконкурс амҩаԥгара аԥҟара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә комисиа есышықәса х-ҩык аиааира згаз алнакаауеит.

Сынтәа аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп шықәсык иалагӡаны иаԥҵаз аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, адикоратив-напкымҭатә ҟазара аусумҭақәа.  

Ацәыргақәҵа мҩаԥыслоит ԥхынҷкәынмза 13 аҟынӡа.


Прочитано 896 раз Последнее изменение 05.12.2022