Версия для печати
05-декабря-2022

АСТОЛ ГЬЕЖЬИ АЕКСКУРСИЕИ: УРЫСТӘЫЛА-УАԤСТӘЫЛАТӘИ АҾАРТӘ ФОРУМ ААРТРА ШЫҞАЛАЗ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуан аҩбатәи Урыстәыла-уаԥстәылатәи аҿартә форум. Уи ахы аланархәуеит Аԥснытәи аделегациа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Афорум актәи амш «Амилаҭбжьаратәи аҿартә диалог. Амилаҭтә ҿартә аԥшьгарақәа» атема ала астол гьежь ала иалагеит. Аԥсны аганахьала «Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ҿартә инициативақәа» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит аԥсуа делегациа анапхгаҩы, абжьаратәи ашкол № 6 актәи акатегориа арҵаҩы, Аҟәатәи алицеи-интернат аҩбатәи акатегориа арҵаҩы Алиас Акаба.  

Ажәахәқәа рыхцәажәара ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Валентина Гатикоева агрантқәа раиуреи афорумқәа рылахәхареи раҳасабала аҿартә иницитивақәа рҵакы ахадара азгәаҭо, ҳаԥхьаҟа асоциал-актуалратә хырхарҭа змоу апроектқәа назыгӡо аҿар рхыԥхьаӡара ишацло азы агәыӷра шлымоу аалырԥшит.

Анаҩс афорум иалахәыз рзы аекскурсиатә программа еиҿкаахеит. Аҿар Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Амилаҭтә музеи «Музеи Сожженных душ» ҳәа изышьҭоу, аибашьра аҿы иҭахаз ауааи ажәлар ирхыргаз агәырҩеи ргәалашәара иазку Амемориал амузеи ирҭааит.  

Амш хыркәшахеит афорум аартра иазку аныҳәатә церемониа ала. Уи аспорттә комплекс «Олимп» аҿы имҩаԥысит.

Афорум Аахыҵ Уаԥстәыла ԥхынҷкәынмза 3  инаркны  6  аҟынӡа имҩаԥысуеит. Уи Лугансктәи Жәлартә Республикеи Донецктәи Жәлартә Республикеи Аԥсни Чечентәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи аҿар рхы аладырхәуеит.

Афорум амҩаԥгара ахықәкы – аҿар рзанааҭтә рҿиаратә хықәкқәа рынагӡара азы аҵарадырратә плошьадка аԥҵара, аҿар рыпроектеиқәыршәаратә усура астимул аҭара, иара убас аҿар рыбжьара жәларбжьаратәи аусеицура аҿиареи аимабзиаратәи аиҩызаратәи аимадарақәа рырӷәӷәареи.  

Аԥсны ахаҭарнакра нарыгӡоит Жанна Аиба, Нодар Камкиа, Андреи Салиа, Нарсоу Габлиа, аделегациа напхгара аиҭоит Алиас Акаба.


Прочитано 1163 раз Последнее изменение 05.12.2022