Версия для печати
13-декабря-2022

АԤСНЫТӘИ АДЕЛЕГАЦИА АИДГЬЫЛУАА ҾАРАЦӘА РДУНЕИЗЕГЬТӘИ АХӘМАРРАҚӘА РХЫ АЛАДЫРХӘИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аделегациа аидгьылуаа ҿарацәа рдунеизегьтәи ахәмаррақәа рхы аладырхәит.  Аицлабрақәа мҩаԥысит Москва ақалақь, ԥхынҷкәынмза 5 – 11 рзы. Аицлабрақәа рхы аладырхәит 400-ҩык инареиҳаны 12 -14 шықәса зхыҵуа, амҵәышәмпыл, ашьапылампыл-маҷ, ашахматқәа, астолтә ԥкьаҭмпыл, уҳәа рыла зҽазыҟазҵо аспортсмен ҿарацәа.  

VI Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рхы аладырхәит: Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Египет, Исландиа, Казахсҭан, Кипр, Молдавиа, Монголиа, Сербиа, Шьамтәыла, Ҭадџьыкьысҭан, Узбекьысҭан, уҳәа атәылақәа рҟынтәи аспортсменцәа.

Ахәмаррақәа жәларбжьаратәи аспорттә еимадарақәеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа реиҩызареи рырӷәӷәара, иара убас ақәыԥшцәа аспорт ахь радыԥхьалареи хықәкы хадас ирымоуп.

Ахәмаррақәа реиҿкаара рхахьы иргеит: Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Урыстәыла аспорт Аминистрра, апартиа «Урыстәыла акзаара», Москва ақалақь аспорт Адепартамент адгыларала Урыстәылазегьтәи ашколтә спорт Афедерациа.

 

 


Прочитано 997 раз