13-декабря-2022

АПАРЛАМЕНТ АКТӘИ АԤХЬАРАҾЫ 2023-ТӘИ АШЫҚӘС АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕҬ РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы 2023-тәи ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ рыдыркылеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.  

Аԥсны аҳәынҭқарратәии ареспубликатәии абиуџьеҭқәа рпараметрқәа, ԥхынгәымза 28, 2022 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәаз  Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план ашьаҭала иалкаахеит.    

2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ апараметр хадақәа:

Ахашәалахәқәа рыла–  12 489 657,2 нызықь мааҭ;

Аныхтәқәа рыла азеиԥш еицҵалыҵ – 14 165 530,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит – 1 675 873,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иазԥхьгәаҭоу ахашәлахәытә хәҭа, Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара уахь иналаҵаны, азеиԥш еицҵалыҵ 9 622 244,9 нызықь мааҭ рҟыӡа инаӡоит:

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу ахықәкқәа рынагӡаразы – 3 734 689,7 нызықь мааҭ;

2023–2025 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеҭтә инвестициақәа рыҟаҵара азы – 1 215 000,0 нызықь мааҭ;

Иара убас 2023–2025шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа аҳынҭқарратә цхыраара аҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рфинанстәра азы – 180 000,0 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахарџьтә хәҭа азеиԥш еицҵалыҵ –11 298 118,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ адефицит аицҵалыҵ – 1 675 873,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Абиуџьеҭ адифицит афинанстәра ахыҵхырҭақәас иалкаауп Аԥсны Амилаҭтә Банк аҟынтәи акредитқәеи 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ адефицит афинанстәра азы егьырҭ ахыҵхырҭақәеи.  

Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи аҭыԥантәи абиуџьеҭқәеи аҳәынҭқарратә абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәеи рахь 2023 шықәсазы имҩаԥгахо аԥаратә хархәагақәа абиуџьеҭбжьаратәи рыиагарақәа – 1 566 812,2 нызықь мааҭ.

Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ихадоу абиуџьеҭҟаҵаратә хашәалахәқәас иҟоуп:

Аиҿкаарақәа рхашәалахәы аҟынтәи ашәахтә (13,4%), ахашәалахәытә шәахтә (16,6%),

Иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә (35,5%),

акцизқәа (4,8%),

аҳазылхратә баџь (8,0 %), аҳазылхратә еизгақәа  (5,5%), иааизакны 2023 шықәсазы 80,0%  инареиҳаны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ашәахтәтәии ишәахтәыми ахашәалахәқәа шьақәзыргыло  алагалақәа.

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ ахарџьтә хәҭа наӡоит:

Азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа – 2 674 682,7 нызықь мааҭ.

Амилаҭтә хьчара – 510 000,0 нызықь мааҭ.

Амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә усуреи – 1 924 715,3 нызықь мааҭ.

Амилаҭтә економика – 2 247 929,7 нызықь мааҭ.

Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара азы – 23 451,3 нызықь мааҭ.

Аҵарадырра – 569 557,8  нызықь мааҭ.           

Агәабзиарахьчара –  969 124,1 нызықь мааҭ.

Акультуреи аҟазареи, амассатә информациа ахархәагақәа – 376 908,3 нызықь мааҭ .

Абҩарҵәыреи аспорти аҿартә политикеи  рзы – 103 076,3 нызықь мааҭ.

Асоциалтә политика азы – 331 860,9 нызықь мааҭ.

Абиуџьеҭбжьаратәи аиагарақәа рзы  – 1 566 812,2 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ  аныхтә хәҭа азеиԥш еицҵалыҵ аҟынтәи 3 млрд 136 млн  474,7 нызықь мааҭ, ма даҽакала иуҳәозар 27,8 % аулафахәы ашәара ахь адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп.


Прочитано 901 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.