15-декабря-2022

АШӘАХТӘҚӘЕИ АИЗГАҚӘЕИ РМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘА АКТӘИ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АҬАРАЗЫ АКУРСҚӘА ИРХЫСИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусзуҩцәа хымш  ирҭагӡаны имҩаԥысуаз, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ахацхраареи ааха зауз ауаа актәи амедицинатә аҳақьымнӡатәи ацхыраара рыҭареи рзы адыррақәа раиура иазкыз акурсқәа ирхысит.   Уи амҩаԥгаҩыс дыҟан Аҟәа ақалақьтә аклиникатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәша аиҳабы Алхас Џьынџьал.

Акурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, азыӡырҩцәа ирызнаган иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан актәи амедицинатә цхыраара иаҵанакуа аусмҩаԥгатәқәа рзы адыррақәа. Ухала ухы ушацхрааша, мамзаргьы ааха зауз ауаҩы иҭагылазаашьа ахьынӡауадаҩу аилкаареи актәи амедицинатә аҳақьымнӡатәи ацхыраара иҭареи шынагӡатәу азы адыррақәа роуан акурс иахысуаз зегьы.

Акурс ахыркәшаратә лекциа даҭааит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа, уи аспикер азыӡырҩцәа ирыҭаз адыррақәа рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра  анапхгараҭара ахаҭарнакцәа иара убас Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амедицинатә маҵзура аиҳабы иарбоу аусмҩаԥгатә азы иҟаиҵаз аԥшьгаразы иҭабуп ҳәа иарҳәоит.


Прочитано 1033 раз Последнее изменение 16.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.