Версия для печати
20-декабря-2022

ЛАША АШӘБА АШӘА АУСЗУҨЦӘА ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Роберт Киути аусзуҩцәеи аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Роберт Витали-иԥа!

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура 30 шықәса ахыҵра!

1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иаԥҵаз аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа нарыгӡоит.

Шәара шәҩызцәа аӡәырҩы ҳаԥсадгьыл ахьчараан иҭахеит. Урҭ ҳгәалашәара лашаҟны иҟазаауеит хашҭра рықәымкәа.

Шәара шәыԥсҭазаара Аԥсадгьыл амаҵ аура иазкуп. Шәнапы иану амаҵура хыԥхьаӡара рацәала ашәарҭара ацуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп аветеранцәа, ҳазҭагылоу аамҭазы аусбарҭаҟны знапынҵақәа қәҿиарала иназыгӡо аусзуҩцәа.

Иахьа шәара ишәымоу аԥышәеи ҳаамҭазтәи аметодқәеи шәхы иархәаны ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара шәахылаԥшуеит. 

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра хаҭала, ҭаацәаныла!"

 

 

 

 


Прочитано 1277 раз Последнее изменение 20.12.2022