Версия для печати
21-декабря-2022

АԤСНЫТӘИ АИҚӘЫРХАҨЦӘА ХЕРСОНТӘИИ ЗАПОРОЖТӘИИ АОБЛАСТҚӘА РҾЫ ИНХО АХӘЫҶҚӘА РЗЫ АМАНДАРИНАҚӘА РЗЫРГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа агуманитартә еидара изызкыз аҭыԥ аҟынӡа инаӡеит. Уажәы амандаринақәа рызнаргеит Урыстәыла Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы инхо ахәыҷқәа.

Аԥснытәи ацитрустә шәырқәа Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Донбасҟа инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иаԥшьгарала имҩаԥгаз акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ацитрусттә шәырқәа аиҳарак ашколнӡатәии аусбарҭақәеи ашколқәеи  рыбжьара еихшахоит.

Иааизакны Аԥснынтәи Донбассҟа иаагоуп 100 тоннак инарзынаԥшуа ацитрустә шәырқәа.


Прочитано 899 раз