Версия для печати
21-декабря-2022

НЕСТОР ЦУЖБА АТУРНИР «АКОМАНДАТӘ ХРАҾА» АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы атурнир «Акомандатә храҿа» ампыл иаҵәа аҿы,  ақәратә категориа 9-10 зхыҵуа рыбжьара аиааира игеит, ҳәа иаанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  

Атурнир ԥхынҷкәынмза 18, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуан.

Аспортсмен дазыҟалҵоит Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥсны Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор Елизабет Акәыциа. 

 

 


Прочитано 878 раз