Версия для печати
31-января-2023

ЕДУАРД БЫҬӘБА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСБАРҬА АНАПХГАҨЫ ИРМА ВОУБА «АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 АҾАГЫЛАРА АЗЫ» АМЕДАЛ ЛАНЕИШЬЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воуба  анапхгаратә ҳамҭа «Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҿагылара азы» амедал ланеишьеит.   

Агәабзиарахьчара аминистр Ирма Џьумка-иԥҳаи Аусбарҭа аколлективи ҳәоуеиқәшәарала, активла аусеицура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ахәҭакахьала, Ирма Воуба ақалақь агәабзиарахьчара Аусбарҭа иуадаҩыз апандемиа аамҭа азы иалшоз зегьы ҟанаҵон излауа ала ирацәаны ауаа рыԥсқәа реиқәырхара азы ҳәа иазгәалҭеит. Лара иара убас аҳақьымцәеи амедицина аусзуҩцәа зегьи ирбаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.


Прочитано 447 раз Последнее изменение 31.01.2023