Версия для печати
02-февраля-2023

РОМАН ЗИНГИШВИЛИ АРЕСПУБЛИКАТӘ УНИТАРТӘ НАПЛАКЫ «АМШЫНЕИҚӘАФЫМЦАМЧ» АДИРЕКТОР ХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАҨЫС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп аихшаратә каҭақәа рзы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Рамин Зингишвили.

Зураб Багаԥшь Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапыҵақәа рынагӡаҩ имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала иалеиҵаз арзаҳал ала.

Зураб Багаԥшь Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа наигӡон жьҭаарамза 17, 2022 шықәса инаркны.  

 


Прочитано 778 раз Последнее изменение 05.02.2023