Версия для печати
22-февраля-2023

АҴАРА АМИНИСТРРЕИ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУИ АКЛАССТӘ СААҬҚӘА “АШӘАРҬАРА ЗҴОУ АХӘМАРРАҚӘА” РЫПРОГРАММА АӠЫРГАРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр ихаҭаԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Мактина Џьынџьали аҟәатәи абжьаратәи ашкол  №1 аҿы арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәатә комитетқәеи рзы 5-11-тәи аклассқәа ирызкны акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа», иара убас арҵаҩцәеи ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы «Ахәыҷқәа ишәарҭоу аонлаин-ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәа рӡыргара мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҵара Аминистрра Феисбук аҟны иҟоу адаҟьа аҿы.

«Ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа ауаажәларра рзы хәарҭара аланы иҟалеит. Аха иара убри аамҭазы уи иаҵаҵәахуп иаизакны ауаажәларра рзы, ахәҭакахьала ахәыҷқәа рзы ашәарҭара ду зцу адеструктивтә цәырҵрақәа маҷымкәа. Ҳара ҳхәыҷқәа рзы аинтернет-ҵакыра иацу ашәарҭарақәа зегьы ртәы ҳдыруазар ахәҭоуп, хымԥада. Аҵара Аминистрреи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Аусбарҭа Аппарати  рымчи рыхшыҩи еилаҵаны ахәыҷқәа ашәарҭара зҵоу онлаин-хәмаррақәа ралагалара аԥхьырҟәҟәаареи агәҽанызаареи иазырхоу акласстә сааҭқәа рыпрограмма еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа» рыпрограммеи, иара убас «Ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин–хәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәеи раԥҵара Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы  аҭыԥ зауз ахәыҷқәа рҭахара зыхҟьаз, урҭ аҽашьраҟынӡа рнагара ауп ҳәа иҟоу агәҩара ақәҿыҭра аҳасабала иҟалеит.

«Азинхьчаратә усбарҭақәа рыла макьаназы онлаин-ахәмаррақәа иарбоу аинцидентқәа рыдҳәалазаара шьақәырӷәӷәаӡам, аха апрофилактика аҳасабала ас еиԥш ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ҳара ҳахь аҳәара ҟарҵеит. Аҵара Аминистрреи ҳареи иарбоу аусура азы апсихологцәеи арҵаҩцәеи адҳаԥхьалеит», - ҳәа илҳәеит лара.

«Ашәарҭара зцу ахәмаррақәа» атема ала акласстә сааҭқәа аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа  №№ 1, 2 и 3. рҿы жәабранмза 23 инаркны амҩаԥгара иалагоит.


Прочитано 760 раз