Версия для печати
16-марта-2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА COVID-19 АЗЫ ИҞОУ АГӘҨАРА ИНАМАДАНЫ АҼЫԤХЬАКРАХЬ ДИАСИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа аҽыԥхьакрахь диасырц иӡбеит аҩаша, хәажәкырамза 14 рзы, игәамбзиара иахҟьаны. COVID-19 антиген азы Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигаз експресс-тест иҵоуроу алҵшәа аанарԥшит.

Иара убас аҿкы аҟазаара ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥган акороновирустә ҿкы чымазара аҟазааразы алабораториатә ПЦР-тест. Ҳазҭагылоу аамҭазы алҵшәақәа рааира иазыԥшуп.

Аҿкы аларҵәара алмыршаразы Аҳәынҭқара Ахада ииашоу алабораториатә тест алҵшәақәа ҟалаанӡа иӡбеит аҽыԥхьакрахь диасырц.

 

 


Прочитано 737 раз