АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Лаҵара.2024

Кәтол ақыҭан еиҭашьақәыргылаз аԥырҩы Николаи Гаид ибаҟа аартра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.    1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан,  1944 шықәсазы абарҭ аҭыԥқәа рҿы иҭахаз аԥырҩы, алеитенант Николаи Григори-иԥа Гаид еиҭашьақәыргылаз ибаҟеи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз Гальченко Иури Николаи-иԥа ибаҟеи раартра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсуа телехәаԥшра.

«Ҳара иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит усҟантәи аибашьраҟынтә изыхнымҳәыз. Иаҳгәалаҳаршәоит ҳветеранцәеи атыл аҿы аџьабаа ду збози аибашьра ахәыҷқәеи. Асовет Еидгыла усҟантәи аибашьра хлымӡаах аҿы аиааира агара алшеит, уи зыбзоурахаз ажәларқәа реидгылареи реиҩызареи ауп», – ҳәа агәалашәаратә митинг аҿы дықәгыло иҳәеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.

«Николаи Гаида ифотосахьа сара абар шьҭа  45  шықәса раахыс иҵәахны исымоуп. Уи сара исылҭеит Николаи Григори-иԥа иаҳәшьа гәакьа Зоиа Григори-иԥҳа.   Ааигәанӡа уи иаҳәшьцәа есышықәса арахь иаалон. Иахьа-уажәраанӡа аимадара ҳабжьоуп Николаи Григори-иԥа иаҳәшьаԥҳаи сареи. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Асовет Ар афицар, аԥырҩы Николаи Гаида еиԥш иҟаз арԥарцәа афырхацәа», –  ҳәа иҳәеит Кәтол ақыҭан инхо Вахтанг Кәарацхьелиа.

«Ҳара иахьа ҳаизеит цәыббрамза 4, 1944 шықәсазы иҭахаз асовет арратә аԥырҩы даҳгәалаҳаршәарц. Уи диит 1922 шықәсазы, 21 шықәса ракәын ихыҵуаз. Алада-Мраҭашәаратәи афронт аҿы деибашьуан, уи 3-тәи, аршьаҟа Украинатәи афронт ҳәа еиҭакын. Иџьоушьаша алахьынҵа зауз рԥысын иара. Уи аҟынтәи авиациа ахь дыиасит, избан акәзар есымша иҭахын ажәыларатә авиациа аҿы арратә маҵзура ахысра. Аҵыхәтәаны 25-тәи ажәыларатә авиациатә полк аилазаараҿы деибашьуан. Авиациатә машәар хҭыс иахҟьаны дҭахеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩы, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи аусзуҩ Николаи Медвенски.

Агәалашәаратә митинг рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи асасцәа, Очамчыра араион Ахадара  анапхгара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» ахаҭарнакцәа, ақыҭауаа.

Ашколхәыҷқәа аибашьра атематика ала ажәеинраалақәа ирыԥхьеит ашәақәа нырыгӡеит, анаҩс еизаз зегьы асодатцәа рқашь агьама ддырбеит. 


Read 50 times - Аҩаша, 07 Лаҵара 2024 13:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.