АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Лаҵара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәны ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵаҩра.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥны аминистрцәа Реилазаара аизарақәа рзал аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәны  ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵаҩра ацеремониа.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанов.

Владимир Делба ари аиқәшаҳаҭра аиқәыршәареи анапаҵыҩреи акыр зҵазкуа хҭысуп ҳәа дахцәажәеит.

«Ҳаицны, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны иҳалҳаршаз, ҳазнысыз амҩа сара сгәаанагарала акыр хра злоу усны иҟалеит. Сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп афедералтә напхгаратә усбарҭақәа рҟынтәи ҳколлегацәа имҩаԥыргаз аусура азы, иҳарҭаз адгылара азы. Агәра ганы ҳаҟоуп Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашәахтә усхкы аҿы ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аимпульс шанаҭо, ҳекономика  ахь аинвестициақәа ралагалареи уи иааизакны аҿиареи ирыбзоураны ҳауаажәлар реизҳазыӷьара шалнаршо», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Алеқсеи Сазанов иоуз ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Убри аан уи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҭоурыхла ишьақәгылаз аимадарақәа рыбжьан ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара сзы насыԥ дууп Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала ҩынтәны  ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра.  Агәра ганы сыҟоуп, Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра аҩганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аҿы акыр зҵазкуа етапны ишыҟало. Агәра сгоит, Аиқәшаҳаҭра аинвестициақәа, ахәаахәҭра, атуризм, уҳәа аусхкқәа рҿы аусеицура азы хра злоу стимулны ишыҟало. Ҳара иҳалшеит аҩ-тәылак ринтересқәа ирықәшәоз аиқәшаҳаҭра ашьақәыргылара. Аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭра жәларбжьаратәи ашәахтәқәҵара ҳаамҭазтәи атенденциақәа ирықәшәоит, ламысцқьала зус иазнеиуа аинвесторцәа русура анагӡара арманшәалоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Алеқсеи Сазанов, урыстәылатәи аган Аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура алыршаразы аратификациатә процедурақәа зегьы ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны рхыркәшара аҽазнашәоит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара агәыӷра ҳамоуп убасҵәҟьа ишыҟало Аԥснытәи аганахьалагьы», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.


Read 142 times - Аҩаша, 07 Лаҵара 2024 20:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.