АҾЦӘАЖӘАРА

10.Нанҳәа.2023

4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭахоит. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб хазы игоу акатегориақәа  ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчаратә еиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, атәыла Анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы 4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз  рҭаацәа зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭаразы ажәалагалақәа  еиқәнаршәеит.

Зныктәи аԥаратә цхыраара аицҵалыҵ иҭахаз рҭаацәа зегьы рыцыԥхьаӡа рзы 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иалкаауп абарҭ акатегориақәа:

1) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо доусы рыцыԥхьаӡа  рзы;

2) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;

3) 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа;

4) аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу ахаҿқәа.

Аԥаратә цхыраара заураны иҟоу рзеиԥш хыԥхьаӡара 1 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәатәқәа мҩаԥгахоит Атәанчаҩратә фонд абиуџьет аҟынтәи.  

Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ала атәыла Анапхгара иара убас ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахази рҭаацәа ртәанчахәы ашәагаа ашьҭыхразы ажәалагалақәа реиқәыршәара хнаркәшоит. Ртәанчахәы шьҭыххоит 5 062-ҩык.

Атәыла аԥыза-министр хара имгакәа аԥхьаӡаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы нагӡаны аихшьаалатә дыррақәа ирҭарц азы адҵа ҟаиҵеит.  

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озган, иара убас Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.


Read 506 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.