АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2024

Марттәи ажәылара аҿы иҭахаз ргәалашәара азы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан, Марттәи ажәылара аҿы иҭахаз ргәалашәара азы Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. 

Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны ауаажәларратәии аполитикатәи еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа.  

Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәыларатә операциа аҿы иҭахеит 222-ҩык аибашьцәа, шәҩыла еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.


Read 53 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 15:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.