АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Хәажәкыр.2024

Беслан Ҷкадуа: Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа иҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рымҩаԥгараан ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы аҭакԥхықәра зду аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.

Асааҭ 09:00, хәажәкырамза 16 инаркны хәажәкырамза 18-нӡа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы еилазаара ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.  

«Ихымԥадатәиу агәаҭарақәа зегьы рымҩаԥгара ашьҭахь, Аԥсны иаарту 30-алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы абжьыҭира нҵәаанӡа амилициа аусзуҩцәа рыхьчара аҵаҟа иҟазаауеит.   Иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахь абиуллетеньқәа ииазго алхратә комиссиа алахәылацәа амилициа аусзуҩцәа рыцзаауеит», -ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Ҷкадуа. 

Зынӡа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ауаажәларратә зинеиҿкаара ашьақәыргыларазы аус руеит  230-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа.

«Алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аус зуа ахатәы еилазаара ахықәкы хадақәа иреиуоуп алхратә комиссиақәа атәылауаа рыла алхрақәа рҿы ишьақәыгылоу аԥҟарақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭараҿы ацхыраара аҟаҵара, алхратә ҭыԥқәа рҿы ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи  реилагарақәа ианаамҭоу азхьаԥшреи абжьыҭира аиԥҟьареи алхратә комиссиа аусура аруадаҩреи иазырхоу егьырҭ азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Ҷкадуа. 

 

Хәажәкырамза 17, асааҭ 08.00 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны иаартын, аусурагьы иалагеит.  

Атәылауаа рҟынтәи аума, алхратә комиссиақәа рнапхгаҩцәа рҟынтәи аума аилагарақәа рзы изеиԥшразаалак адыррақәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь имнеиӡацт.

«Абжьыҭира апроцесс иҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит»,– ҳәа иҳәеит Беслан Ҷкадуа.


Read 72 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 09:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.