АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Хәажәкыр.2024

Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 18, ашьыжь Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит, ҳәа «Аԥсны.Иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.

Уи иажәақәа рыла, апрофильтә маҵзурақәа иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп.

«Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министри иахәҭоу анапынҵақәа ҟарҵеит абылра иақәшәаз аҭаацәа ацхыраара рыҭазарц азы.   Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа ахаҭарнакцәа, урҭ иблыз аҩны аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аҩны аиҭашьақәыгылара ҟало-иҟамло   еилыркаауеит, апроект-харџьынҵатә доументациа еиқәдыршәоит.

Ихымԥадатәиу аусшәҟәқәеи ашәҟәынҵақәеи зегьы реиқәыршәара ашьҭахь ари аус азы аӡбамҭақәа рыдыркылараны иҟоуп, ҳәа иҳәеит Џьансыхә  Нанба.

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ а-Telegram-каналқәак рҿы ицәырҵыз аҩны абылра зыхҟьаз ҳәа аинформациа мцыркуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҩны иахьақәҳаз азы иблит ҳәа иҟоу аинформациа  ҵабыргӡам. Афымцацәаҳәа еибгоуп.

Абылра зыхҟьаз, насгьы иҟалаз-шыҟалаз атәы  аспециалистцәа хымԥада еилыркаауеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба. 


Read 163 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 11:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.