АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Хәажәкыр.2024

«Ҳазҭагылоу аамҭа»: Москва ақалақь аҿы Фазиль Искандер игәалашәара иазкны ахәылԥаз мҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аԥсуа, аурыс литературақәа иналукааша аклассик Фазиль Искандер игәалашәара иазкыз ахәылԥаз «Ҳазҭагылоу аамҭа» мҩаԥысит, - ҳәа адырра ҟаҵоуп Феисбук «Москватәи аԥсуа диаспора» адаҟьа аҿы.

Ахәылԥаз аҿы иқәгылеит Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгыла аҟынтәи аԥсуа аԥхьаҩцәеи амузыкантцәеи Москватәи аԥсуа Диаспора алахәылацәа, иара убас ашәҟәыҩҩы ирҿиара ибзианы издыруа ааԥхьара зауз асасцәа.

Ахәылԥаз аҿы иззааҭгылаз атемақәа ируакуп аинтерес зҵоу Фазиль Искандер инысымҩеи иара ихаҭа ахақәиҭра, ахы аҳаҭырқәҵара, аламыс, гәыкала аҟазаара, уҳәа хра злоу аилкаарақәа дшырзыҟаз  алацәажәара.

«Аԥсыцқьара афырхаҵара иазкӡам, уи иаанаго ахәымгара аҽаламгалара ауп», – ҳәа иҳәон ҳаамҭазтәи апоет, афилософ дуӡӡа.

Ахәылԥаз еиҿкаан Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгылара ала. Убри аан урҭ ацхыраара рынаҭеит Москватәи аԥсуа диаспора.

 


Read 85 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 11:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.