АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Хәажәкыр.2024

Амилициа аусзуҩцәа Мархьаул ақыҭан ирыԥшааит иагьрымырхит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ааба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Мархьаул ақыҭан ирыԥшааит Атулиан Олег Амаиак-иԥа итәыз аус зуаз амаининг-ферма.

 Аа-аппаратк аҿыхны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ашьҭаҵарҭа ахь идәықәҵахеит, ҳәа адрра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Амаининг-ферма аԥшәма иганахьала административтә хьырхәра ауснагӡа ахархәара аиуит.


Read 104 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 23:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.