АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Хәажәкыр.2024

2024 шықәса ажьыныҳәамза-жәабранмза рзы иахыԥхьаӡалаз атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа реицҵалыҵ 234 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса ажьыныҳәамза-жәабранмза рзы  иахыԥхьаӡалаз атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 234 млн. 237 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 24 млн. 999 нызықь мааҭ рыла иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа раасҭа еиҳауп.  Абри азы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.  

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан  209 млн. 238 нызықь мааҭ.

Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзеи жәабранмзи рзы Атәанчаҩратә фонд ахь иалагалахеит 160 млн. 929  нызықь мааҭ абгаԥсатә лагалақәа, уи 2023 шықәса рзы аасҭа 27 млн. 737 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.

Хәажәкырамза 1 азы атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 48 169-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи  2023 шықәса рзы аасҭа 1 461-ҩык рыла еиҵоуп.   

Зфинансркра мҩаԥгаз атәанчахәқәа рахь ацҵақәа реицҵалыҵ ҳазҭоу ашықәс хәажәкрамза  1 азы  57 млн. 278 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2023 шықәса рзы аасҭа  5 млн. 255 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

Атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рзеиԥш хыԥхьаӡара 13 155-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи  2023 шықәса рзы аасҭа 1 113 - ҩык рыла еиҳауп.

2024 шықәса алагара инаркны 19 млн. 532 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо Атәанчахәытә фонд аҿаԥхьа ауал ашәара алыршахеит.  Зынӡа аинкассатә напынҵақәа рыла 2024 шықәса ажьырныҳәамза инаркны идыршәоуп 481,6 нызықь мааҭ.  

Аԥсны анапхгара аӡбамҭақәа рынагӡара ахьӡала 2024 шықәса ажьырныҳәамза инаркны рхышәа-ҵышәа шьҭыхын 11 категориа иаҵанакуа атәылауаа ртәанчахәқәа, урҭ рхыԥхьаӡара 5000-ҩык рҟынӡа инаӡоит.  Ишьҭыху атәанчахәқәа зауа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – аинвалидцәеи   1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәеи. Иарбоу ашәатәқәа рынагӡаразы иаҭаху аԥаратә хархәагақәа рхышәа-ҵышәа 125,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ҳазҭоу ашықәс аҩбатәи азыбжа инаркны аҳәаанырцәти аҳәынҭқарра аҟынтәи атәанчахәқәеи егьырҭ асоциалтә шәатәқәеи змауа атәанчаҩцәа ркатегориа ирызшәахо атәанчахәы зықь мааҭ ацҵара азԥхьагәаҭоуп.  

Денис Гәылариа  мызкахьы знык зтәанчахәы зықьмаҭк ацло атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 13 нызықь 230-ҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иаҵанакуеит иара убас ихәыҷы аахыс аинвалидра змоу актегориагьы.

Аԥыза-министр Атәанчаҩратә фонд аҿы иарбоу ашәатәқәа ианаамҭоу рыҟаҵара атенденциа ацҵарала  амилаҭтә тәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи рышьҭыхра азҵаара аӡбара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭарц азы адҵа ҟаиҵеит.


Read 107 times - Аԥшьаша, 21 Хәажәкыр 2024 00:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.