АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Хәажәкыр.2024

Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы амашьыналасқәа аамҭалатәи ралагалара аҭагылазаашьақәа рынагӡара ахылаԥшра рӷәӷәахоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Аԥсны атәылауаа рыла амашьыналасқәа аамҭалатәи ралагалара аҭагылазаашьақәа рынагӡара ахылаԥшра арӷәӷәоит, ҳәа ауааԥсыра адырра рынаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Ахылаԥшра арӷәӷәара аҵыхәтәантәи аамҭазы хыԥхьаӡара рацәала иаарԥшыз Аԥсны атәылауаа рыла амашьыналасқәа ахатәы хархәаразы иарбаны  Евразиатәи Аекономикатә Еидгыла аҳазалхратә ҵакырахь рыиагараан аамҭалатәи алагалара аҭагылазаашьақәа реилагара, иара убас атранспорттә хархәагақәа анаҩс Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа аҿы  изакәанымкәа егьырҭ ахаҿқәа рыҭареи, мамзаргьы ррархәареи ирыдҳәалоу афактқҵәа шьаҭас иаиуит.

Аилагарақәа раарԥшраан ас еиԥш иҟоу автотранспорттә хархәагақәа Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа ахь рҭагалареи рыиагареи рзы аӡбамҭақәа рыдыркылалоит. 

 

 


Read 114 times - Ашәахьа, 25 Хәажәкыр 2024 19:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.