АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Хәажәкыр.2024

Зқьы шьапы инарзынаԥшуа акипарис ҵлақәа Тамшь ақыҭан ареспубликатә трасса иаваршәны еиҭаҳахоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳамҭас ириҭаз зқьы шьапы акипарис ҵлақәа   Тамшь ақыҭан ареспубликатә трасса иаваршәны еиҭаҳахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра.информ».  

Аҵиаақәа реиҭаҳара апроцесс хәыда-ԥсада анапхгара алҭоит аландшафтә дизаинер Светлана Карчуганова.  Аусурақәа зегьы Очамчыра араион Ахадара Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ицқьоу ақалақь» ала имҩаԥысуеит.  

«Иахьазы аҭыԥ алхны 400 кипарис рзы ажрақәа ржит, егьырҭ  200-ҵла инарзынаԥшуа еиҭарҳахьеит. Аусурақәа ирыцҵахоит. Ақыҭа зегьы иахьаҵанакуа акипарисқәа еиҭаҳахоит. Акипарис ахылаԥшра зҭаху ҵиаауп, убри аҟнытә урҭ реиҭаҳараан  аминералтә рҵәырақәа ахархәара роуеит. Урҭ ааргахьеит. Ариаҵәаратә Нхамҩа аҵиаақәа рхылаԥшара азы абжьгарақәа аиухьеит», – ҳәа еиҭалҳәеит  Светлана Карчуганова.    

Уи лажәақәа рыла, аҵлақәа аӡы рыҵаҭәалатәхоит. Тамшь ақыҭа ахада Вадим Занҭариа аҵиаақәа, аиҳарак ашоурақәа раан аӡы рыҵаҭәара аҿы ацхыраара шыҟало иҳәеит.


Read 118 times - Ашәахьа, 25 Хәажәкыр 2024 20:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.