АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Хәажәкыр.2024

Аԥсны Афырхаҵа Артур Ҷыҭанаа игәалашәара азы Апрокуратура Хада аҿы Амемориалтә ӷәы аадыртит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Аԥсны Афырхаҵа Ҷыҭанаа Артур Николаи-иԥа Имемориалтә ӷәы аадыртит.

Аиустициа абжьгаҩ еиҳабы Артур Ҷыҭанаа Аԥснытәи АССР Апрокуатура аекологиатәи асоциалтәи анхамҩатәи аусуреи азакәанқәа рынагӡареи рхылаԥшра азы аҟәша апрокурорс дыҟан, анаҩс Аҟәа ақалақь апрокурорс дыҟан, уи ашьҭахь, цәыббрамза 1991 шықәса раахыс аус иуан Аԥснытәи АССР Апрокуратура аӡбарҭақәа рҿы атәылауаҩратә усқәа рыхәаԥшразы апрокурор ицхырааҩыси Аԥсны апрокуратура азеиԥш хылаԥшра аҟәша апрокурорси дыҟан.   

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Ҷыҭанаа А.Н. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыгәҭа дгылан, аӷа раԥхьа диҿагылеит Аҟәа ақалақь, Ацҳа Ҟаԥшь аҿы.

Гәымсҭатәи афронт аԥҵара, нанҳәамза 1992 шықәса инаркны Аҟәатәи ахырхарҭа ала афронт Иҷыдоу аҟәша аиҳабыс дыҟан. Афронт ажәыларатә операциақәа зегьы дрылахәын. Аӷа ихырӷәӷәарҭақәа рахь раԥхьа аԥшыхәра ҳәа дцеит Маҳаммад Кьылба дицны. Аибашьцәа  ишыргәаладыршәо ала, иҷыдоу амаҵзура напхгара аҭо, Ҷыҭанаа Артур аӷацәа иҷыдоу рмаҵзурақәа агентцәа маҷымкәа раарԥшра илиршеит.

Хаҭала далахәын аиланхарҭатә пунктқәа Цугуровка, Ахбиук, Шрома, иара убас Аҟәатәи ашьха рҿы арратә операциақәа дрылахәын, усҟан иқәган имаҷымкәа аӷа икәылӡтехникеи ируааи.  

Ҷыҭанаа А. Н. 2-тәи аполк 2-тәи арезервтә баталион акомандир ихаҭыԥуаҩыс даныҟаз, цәыббрамза 24, 1993 шықәса рзы аӷа импыҵакыз Аҟәатәи ашьха ахақәиҭтәразы ажәылараан  45-ҩык рыла еилаз абаталион драԥхьагыланы фырхаҵарыла дшеибашьуаз, цәыббрамза 25, 1993 рзы дҭахеит

Ҷыҭанаа А. Н.  дҭаацәаран, ҩыџьа аԥацәа драбуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада цәыббраза 30, 1996 шықҵәсазы  иҭижьыз Аусԥҟа №81 ала Ҷыҭанаа Артур Николаи-иԥа ԥрашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵахеит.   

Хәажәкырамза 15, 2006 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аӡбамҭала Амҳаџьраа Рыԥшаҳәа ахәҭак ( аспортзал «Спартак» ахыбра аҟынтәи Басла аӡиас аӡышьҭрааҟынӡа) Аԥсны Афырхаҵа Артур Ҷыҭанаа ихьӡ ахҵан.   


Read 94 times - Аҩаша, 26 Хәажәкыр 2024 15:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.