АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниа атекракт аҟны ааха зауыз ахәыҷқәа Аԥсныҟа ааԥхьара риҭеит.

Аҟәа. Хәжәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атерроризм цәгьашақә иузыҟоу аҳәынҭқаррақәа мыругаҵас рхы иадырхәоит. Абас  иҳәеит ажурналистцәа данрацәажәоз, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт аҟны иҭахаз ргәалашәара ахьӡала иаадыртыз агәаларшәагатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ааныжьны.

«Атеракт хатә трагедиак аҳасабала иҳадаҳкылеит. Сара атерроризм закәу здыруеит, Аԥсны иҷыдоу амаҵзура сахагылан ианаамҭаз, иаартны иуҳәозар, ас еиԥш иҟоу ацәырҵрақәа еиҭа ҟалашьа амаӡам ҳәа ҳгәы иаанагон, аха иҟалаз ҟалеит. Сара агәра згоит иҷыдоу урыстәылатәи амаҵзурақәа ари аус аҟны хьаҵрак ҟарҵараны ишыҟам. Рыцҳарас иҟалаз, атерроризм цәгьашақә иузыҟоу аҳәынҭқаррақәа аус зуа мыругаҵас рхы иадырхәоит, абас ауп ишысыԥхьаӡо», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра  Ахада.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ааха зауызи урҭ рҭаацәеи рхьаа шрыцеиҩишо. Иҳәеит иара убас ахәыҷқәа Аԥсныҟа рааԥхьара дшазхиоу «ас еиԥш агыгшәыгратә акт ахҟьа-ԥҟьақәа излауа ала рырмаҷразы, изалауа ала ацхыраара рыҭаразы». Иара Урыстәыла ари аҩыза уаҳа иҟаларым ҳәа дышгәыӷуа иҳәеит. 

 


Read 81 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 14:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.