АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2024

Гал ақалақь аҿы амаининг-аппаратқәа фба рыԥшааит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ахархәарала имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатә иалҵшәаны, хәажәырамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргызаоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны ахатәы ҩны агәраҵа аҿы ирыԥшааит уи азы ҷыдала иҟаҵоу аҭрақәа ирҭаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа фба.  

 

Аппаратқәа рымырхит. Аус аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҭҵаареи аусеилыргареи рыҟәша ахь идәықәҵахеит.  


Read 86 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 19:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.