АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

Џьансыхә Нанба: аҳаирбаӷәаза ааигәа-сигәа иҟоу аҩнқәа рҿы инхо ауаа даҽаџьара рыхгара азы аинформациа ҵабыргӡам.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо хәажәкырамза 27 рзы имҩаԥысыз Бабышьра ақыҭа ауааԥсыреи иареи реиԥылара далацәажәеит.

Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, атәыла анапхгара аԥшьгарала, В.Г.Арӡынба  ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҿы аҳаирбаӷәаза ааигәара инхо ауааԥсыра рԥылара мҩаԥысит.   

«Ари аиԥылара ақыҭа ауааԥсыра аҳаирбаӷәазеи уи аинфраструктуреи рыҿиареи рреконструкциеи азы апланқәа рзы адырра рыҭара хықәкыс иаман. Актәи аетап иазԥхьагәанаҭоит 2024 шықәса рзы  аҳаирбаӷәаза аус арура. Ҳара ауаа ирзеиҭаҳҳәеит уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбан етап аҿы иҟоу, аҵыԥраа-тәарҭатә цәаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы, ҳаԥхьаҟа зхархәара алмыршахо ахыбрақәа рықәгара шымҩаԥысуа атәы. Ҳара иара убас аҳаирбаӷәаза аҿиара аперспективтә план ҳалацәажәеит, ахәҭакахьала, аҳаирбаӷәаза аҵакыра аладатәи ахәҭа аганахьала уи арҭбаара азԥхьагәазҭо аҩбатәи аетап ҳазааҭгылеит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Уи иазгәеиҭеит аиԥылара иалахәыз иԥкааны, ахсаала аҿы  иддырбан иарбан хыбрақәоу иргылахо, насгьы урҭ ахьыргылахо аҭыԥи.

Ауаа  аԥсшьаҩцәа рнырхаразы аҭыԥқәеи изеиԥшразаалак асасааирҭатә комплексқәеи  иарбоу атерриториа аҿы ишыргыламхо агәра ргартә алшара роуит.

«Ҳаиԥылара иалҵшәаны ҳаиқәшаҳаҭхеит ақыҭауаа рҟынтәи 5-6-ҩык аҳаирбаӷәаза аҵакыра аладатәи ахәҭа аҿы инхо атәылауаа ринтересқәа рыхьчареи  анаҩс аҳаирбаӷәаза аҿиара аперспективатә план алацәажәареи     рзы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭо акоординациатә штаб аусура ралагалара азы ҳаиқәшаҳаҭхеит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.  

Аминистр даҽазныкгьы аԥсшьаҩцәа рнырхара азы аԥсшьарҭаҭыԥқәеи асасааирҭақәеи, мамзаргьы апартаментқәеи рыргылара хықәкыс иҟаҵаны аҳаирбаӷәаза аҵакыра арҭбаара иазку аинформациа ҵабыргӡам ҳәа даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара уажәазы аҳаирбаӷәаза аҿиара азы аперспективтә план ҳалацәажәоит. Убри ахықәкы ала ҳара ақыҭауаа аилацәажәара рҽаладырхәырц ааԥхьара раҳҭеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Ауаа рыхгара азы ателеграмм-каналқәа рҿы ицәырҵыз аинформациа Џьансыхә Нанба убасҵәҟьа имцыркуп ҳәа ахиҳәааит.

Аминистр аҿаҵаҩи аԥсуа гани аҳаирбаӷәаза аҵакыра арҭбаара азы еицырзеиԥшу  аплан рымоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уи иҟоу акомплекс ахәҭак аоперативтә хархәара аҳасабала Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыструктурақәеи  иахьрыҭоу ауп изыдҳәалоу. Жәларбжьаратәи анормақәа зегьы ирықәшәо ҳаамҭазтәи аҳаирбаӷәаза аргылара азы, иҟоу атерриториа  азхом, убри инамаданы аҩбатәи аетап ҳәа изышьҭоу аперспективтә ҿиара аплан алацәажәара мҩаԥысуеит. Ҳара ари азҵаара алацәажәара ақыҭа ахаҭарнакцәагьы ралархәра ихымԥадатәины иҳаԥхьаӡеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба. отметил Джансух Нанба.        

 

 

 

 


Read 243 times - Аԥшьаша, 28 Хәажәкыр 2024 15:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.