АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Мшаҧы.2024

243 грамм анаркотикатә маҭәашьар рыдырбалеит ҩыџьа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа.

Аҟәа. Мшаԥымза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа, 1991 шықәсазы ииз Грачиов Сергеи Сергеи-иԥеи 1985 шықәсазы ииз Лашкова Викториа Евгени-иԥҳаи Аԥсны аҵакыра аҿы иӷәӷәоу ацәгьоура  – зыкапан дуу анаркотиатә маҭәашьар анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа аахәареи аиагареи аҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.

Сергеи Грачиови Викториа Лашковеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә  ҟәшеи русзуҩцәа еицынарыгӡаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан, Гәымсҭа ақыҭан, иарбоу ахаҿқәа Бзыԥтәи амҩаду ала амашьына иақәтәаны ишцоз иааныркылеит.  

Автомашьына агәаҭараан амилициа аусзуҩцәа аилаҳәарақәа зҭаз аҭра рыԥшааит. Сергеи Грачиов игәаҭараан идырбалеит анаркотикатә маҭәашьар  «мефедрон» згәылаз 10 еилаҳәарак.

Аиԥшзеиԥшу 14 еилаҳәара лыдырбалеит иара убас Лашкова Викториа.

Аҭиразы хазы-хызы еихшаны еиқәыршәаз анаркотикатә маҭәашьар згәылаз аилаҳәарақәа аԥҳәыс илшәыз амаҭәа аџьыбеи асумкеи ирҭан.  Викториа Лашкова илымхыз анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон» ауп. Иара убас амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит уаанӡа иҟаҵаз имаӡоу аҭыԥқәа рҿы иҟаз аҭаҵәахқәагьы.

Аҟәа араион Каман ақыҭан, Сергеи Грачиови Викториа Лашкови уаанӡа иахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз 6 еилаҳәарак.

Сергеи Грачиови Виктоиа Лашковеи ирымхыз анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон» азеиԥш капан 243 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Ахара зду ауаа ҭакуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» ала ихацыркыз ашьаус аилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә гәыԥ.  

 


Read 86 times - Ахәаша, 05 Мшаҧы 2024 15:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.